.jpeg)
Ҽаанбзиала шәнеиааит аҩызцәа, шәадныҳәалазааит Ашықәс ҿыц – агәыӷра ҿыц ҳзаазго, ақьиареи агәыбылреи ирныҳәоу!
Иҳаҩсыз ашықәс аӡәырҩы аԥышәа дуқәа ҳзаанагеит, агәырӷьара ззацыз шыҟоу еиԥш, ахьааи ацәыӡқәеи заузгьы ыҟоуп, абзиеи ацәгьеи рышьхәа еивҵоуп ҳәа баша ирҳәом. Убри азоуп ашықәс ҿыц ааира ныҳәа дук еиԥш ҳзахәаԥшуа, ҳгәы хыҭхыҭуа ҳзазыԥшу. Ашықәс аихшьаалақәа аныҟаҳҵо иаҳгәалаҳаршәоит уи ацашьа зеиԥшраз, ҳзыхьӡаз-ҳазхьымӡаз.
Абри ашықәс даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит ҳмилаҭтә доуҳатә мал ахьчара аҵак ду шамоу, аихӡыӡаара, апатуеиқәҵара, аибачҳара рыда ԥсыхәа шыҟам.
Сара гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп абас еиԥш аамҭа ҳьанҭа ҳанҭагылоугьы рхы иазымхәыцкәа ауаа ирыхәара ҟазҵоз, ачымазцәа ирыцхраауаз. Раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа ҳақьымцәеи Урыстәылантә урҭ ирывагыларц иааз рколлегацәеи, иара убас аволонтиорцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, абизнесуаа, ҳдиаспора зегьы – иаадырԥшуаз агәыҳалалразы. Абри иреиҳаӡоу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьоуп ҳдоуҳамч шыӷәӷәоу агәра ҳзырго, ԥхьаҟа ацаразы алшара шҳамоугьы зыршаҳаҭуа.
Иааиуа 2022 ашықәс ҿыц доусы шәзы иманшәалахааит, аизҳареи аиҭакра бзиақәеи иртәхааит. Ашықәс ҿыц амч ҿыцқәа шәызҭанаҵааит, иреиҳау аҩаӡарақәа шәрызцо шәымҩақәа аанартааит!
Агәабзиара шәымазааит зегьы хаҭа-хаҭала, ҭаацәала, аҿкчымазара шәымԥан имааиртә еиԥш шәыхьчазааит, иәшзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, ахьамҵра, агәахәтәыхьӡара!
Аԥсны жәлар иахьыҟазаалак рыжәҩан цқьазааит, ҳаԥсадгьыл шәҭыкакаҷхааит, иӷәӷәазааит!
Ҳаигымзааит бзанҵы!
Ҽаанбзиала шәнеиааит!
Беслан Агрба
Москватәи Аҧсуа Диаспора ахада.

коммент.