
Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иԥа!
Москватәи Аԥсуа Диаспора ахаҭарнакцәа гәык-ԥсык ала ишәыдырныҳәалоит Шәира амш!
Шәара абаҩхатәра змоу шәҟәыҩҩуп, еиҭагаҩуп, зусумҭақәа аԥхьаҩцәеи азыӡырҩцәеи рганахьала азҿлымҳара ду змоу ҭҵааҩуп. Шәара шәыҭҵаарадырратә усура, аԥсуа ҭоурых аҟны иҟашәҵо аартрақәа, шәышәҟәқәа, имҩаԥыжәго алекциақәа ҳтәыла аҭоурыхи акультуреи еиҳа инарҭбааны адырра, аилкаара иацхраауеит.
Атуристтә хырхарҭала шықәсырацәала професионалла имҩаԥыжәго аусура ҳтәыла ахыԥша бзиа аԥҵареи аекономика аҿиареи рыҟны лагаламҭа бзианы иҟоуп.
Ишәзеиӷьаҳшьар ҳҭахуп агәабзиара, агәамч, арҿиаратә гәазыҳәара, иҿыцу аартрақәа, аихьӡарақәа!

коммент.