Шәҳадгыл

Иахьа Агрба Беслан Родион-иԥа Иира иамшуп!


Поделиться


Акыр иаԥсоу Беслан Родион-иԥа!

 

Москватәи Аԥсуа Диаспора гәык-ԥск ала ишәыдырныҳәалоит Шәира амш!

 

 Шәара ҳаззыгәдуу, гәыкала зтәылеи зыжәлари ргәы ззыбылуа патриот дууп. Шәара зегьы ирышәҭо ацхыраара аҳаҭыр ду иаԥсоуп.

 

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳдиаспора, ҳауаажәлар рзы, иааидкыланы ҳаԥсадгьыл Аԥсназы иҟашәҵо. Шәара хаҭала шәҿыԥшрала ҳара ҳколлектив акыр шықәса раахыс гәацԥыҳәарала аус руеит ҳмилаҭ реизҳазыӷьара аус ахьӡала.

 

Беслан Родион-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ, агәахәтәыхьӡара, хҭыс бзиала иҭәызааит шәыԥсҭазаара, ақәра ду, аихьӡара ҿыцқәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны!

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less