Шәҳадгыл

Беслан Агрба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иубилеи идиныҳәалеит


Поделиться


Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!


Москватәи аԥсуа диаспора ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә!


Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аҭакԥыхқәра ду зцу шәусураҟны зехьынџьара ганрацәалатәи аихьӡарақәа, аҵак ду змоу аиааирақәа Аԥсни аԥсуа жәлари реизҳазыӷьара инамаданы.


 
Шәара шәԥышәа ду, шәдыррақәа ԥсахрада ҳҳәынҭқарра арӷәӷәареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи, ахақәиҭреи рышьақәырӷәӷәара, иҭышәынтәаланы мҽхакы ҭбаала ҳтәыла аҿиара, ҳажәлар реизҳазыӷьара иазкызааит.


Ҳара ҳҳәынҭқарра ақәҿиарақәа, уи аҭышәынтәалара ишиашоу Шәара аҳәынҭқарра напхгараҭареи аекономикатә политикеи рыҟны инарҵауланы аиҭакрақәа рзы иазгәашәҭаз амҩа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.


 
Шәгәы иҭашәкыз аусқәа зегьы рынагӡаразы гәыкала ишәзеиӷьасшьоит амчи-алшеи, аҟәыӷареи, агәамчи.

 

Москватәи аԥсуа диаспора есқьынгьы ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны аҳәынҭқарратә, асоциалтә, аекономикатә ҭышәынтәалара алзыршо акрызҵазкуа аиҭакрақәа ирыдгылан, иагьрыдгылалоит аԥхьаҟагьы. 
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, Шәира амш аҽны гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, ақәра ду, ахирра, аҭынчра!

 

Беслан Агрба
Москватәи аԥсуа диаспора Анапхгара Ахантәаҩы

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less