Шәҳадгыл

Аҿкы чымазаҩра коронавирус-covid-19 аҿагыларазы Аҧсны ацхыраара


Поделиться


Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишыжәдыруа еиҧш, адунеи ӡегьы ачымазаҩра бааҧсы апандемиа иатәнатәит,covid-19 захьӡу ,аҿкы чымазаҩра бааҧсы ауаатәиса ралаҵәара иадҳәалоу,миллионла ауаа ргәабзиара уашәшәырызтәуа, иара убас ,адунеизегьтәи аекономика шәарҭазтәуа.

Убри инадҳәалан, Москватәи аҧсуаа рдиаспора ахаҭарнакцәа ирыбзоураны, иеиҿкаауп аоперативтә штаб ари аҿкы чымазаҩра аҽацәыхьчаразацхараара. Аштаб еиҳабыс далхуп Беслан Шакаиа.

Аҧсны даара ацхыраара ӷәӷәа аҭахуп!

Убри инадҳәалан, Аҧсны ацхыраара аҭараз ахарџь алагалара аизгарҭа аартуп.

Ҳауаажәлар рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит,дасу ишәылшо ала шәҳавагыларц. Агәра ганы ҳаҟоуп,ҳаидгылан ҳаицхыраар,аҿкы чымазаҩра бааҧсы ҳтәыла алаҵәара залшом ҳәа.

Иеизгахо ахарџь аныхра хырхарҭас иамаз атәы инарҵаулан ишәеилҳаркаалоит, иаахыртны ишәҳарбалоит.

Аҳәара ҳуеит,Москва иқәынхо ҳтәылауаа рҟынтә иҟаҵахо ацхыраара ,хыхь зыӡбахә ҳәаз аштаб ала иҟашәҵаларц.

Афонд ахь ахарџьтә цхыраара алажәгалар шәылшоит:

Ахарџь аиагарҭа аҭыҧ

Организация: РОО "МОСКОВСКАЯ АБХАЗСКАЯ ДИАСПОРА"

ИНН: 7729450949

КПП: 772901001

ОГРН: 1127799004365

Счет: 40703810938000013534

БИК: 044525225

Наименование банка: ПАО СБЕРБАНК

К/С: 30101810400000000225

Аҧараҵәахырҭа қьаадҿыҭ ахь аиагара:

5536 9137 5530 2946 Тинькоф - Даур Барганджия

4279 3800 2311 0853 Сбербанк - Руслан Хагба

Аҳәара ҳуеит, шәыхьӡи шәыжәлеи,насгьы изызку ахҳәааҿы ианышәҵаларц.

Шәреиҷаҳала шәҭынхацәа,шәеиҷаҳала шәхы!

Беслан Агрба

Москватәи аҧсуа диаспора анаҧхгара ахантәаҩы

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less