Апроект "Ишьхатәылоу Аҧсны"/Ашықәс аамҭақәа" актәи аҭыҧ ааннакылеит аноминациа "Урыстәылеи ИАР-еи рыҩныҵҟа аныҟәарақәа ирызку иреиҕьу арепортаж" аныҟәарақәеи аҭҵаарадырреи ирызку урыстәылатәи аканал “Сара спланета” имҩаҧнагоз аицлабраҟны. Апроект "Ишьхатәылоу Аҧсны"/Ашықәс аамҭақәа" – ари Кавказ зегьы азы иҿыцу, зыда ыҟам урыстәыла-аҧснытәи проектуп, авторс дамоуп Ҭенгиз Ҭарба. Апроект хықәкыс иамоуп – ишьхатәылоу Аҧсны зеиҧшыҟам аҧшӡара адунеи арбара, ҧасатәи ашьхацамҩақәа реиҭашьақәыргылареи иҿыцқәоу раартреи, адунеи зегьы аҟнытә атуристцәа Аҧсны ашьхеибаркырақәа рыдҧхьалара. Актәи аекспедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны апроект алахәылаҩцәа иеизыргеит ателехәаҧшратә дырраҭарақәа, адокументалтә фильмқәа рзы хкырацәала афотои авидео материали, имҩаҧыргон аметеорологиатәии агидрологиатәии ҭҵаарақәа. Ажьырныҳәамзазы апроект "Ишьхатәылоу Аҧсны / Ашықәс аамҭақәа" аекспедициақәа ирыцҵахоит. Уи алахәылаҩцәа ашьхацамҩақәа ирнысны ицоит ашьахахақәеи (лыжи) ашәаҩақәеи (снегоступы) рыла.
"Ишьхатәылоу Аҧсны" иааннакылеит актәи аҭыҧ аицлабра “Сара спланета 2015” аҟны

коммент.