Ҧхынҷқәын 7 рзы имҩаҧысит Москватәи Аҧсуа диаспора ахәыҷқәа рзы иеиҿнакааз ашықәҿыцазтәи аныҳәа . Ахәыҷқәа ирзыҧшын, изқәымгәыҕуаз аџьашьахәқәа рыла иҭәыз, ргәы иҭнымҵәоз аныҳәа.
Ахәылҧаз апрограммаҟны иҟан аҧышәеимдаҩцәа, амузыка, акәашара, ҳәарада, Аҵаа Бабаду ирзишаз аҳамҭақәа. Ахәыҷқәа аарыҧхьеит рнапкымҭақәа ддырбаразы, ахәыҷқәа рырҿиаратә цәыргақәаҵа рҽаладырхәырц азы. Иара убас ахәыҷқәа аҧсаӡ ашықәҿыцазтәи рҩачагақәа рыла идырхиеит.

коммент.