
Акыр иаҧсоу сыуаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш!
Аҵак ду змоу абри амш аҽны исҭахуп бзиа иаҳбо Ҳаҧсадгьыл ҧшӡа иазеиӷьысшьарц аҭынчра, аизҳазыӷьара! Ҳажәлар иалырхыз ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рымҩа есааира иӷәӷәахааит, ҳауаажәлар рыҧсҭазаара ҭәызааит насыҧла, ҭаацәа цыҧхьаӡа ирымазааит аизҳара.
Еснагь ҳгәы ҭнарҭәаалааит Ҳаҧсадгьыл абзиабара.
Дарбанызаалак Аҧсны атәылауаҩ инырлааит ҳҭоурыхи, ҳкультуреи рзы агәадура. Ҳажәлар реихьӡарақәа Ҳаҧсадгьыл ахьыҧшымреи аизҳареи ирсимволзааит!
Ҽаанбзиала! Шьардаамҭа Аҧсынра!

коммент.